Михаил Ҟавелашвили – Ақырҭуа милаҭи ауаажәларреи рҿаҧхьа аветеранцәа рааҧсара дууп, ауаажәларра уи ахаангьы ирхамшҭроуп, ахә ршьароуп, уи азыҳәан иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит
Ишәыдысныҳәалоит Аветеранцәа рымш. Шәара зегьы реиҳа иуадаҩыз аамҭазы ҳаҧсадгьыл шәыхьчеит, ақырҭуа жәлар рыхьӡала уи азы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Иахьатәи амш даҽазнык иҳгәаланаршәоит шәара фырхаҵарала ишәыхьчоз, иахьагьы ишәыхьчо апринципқәа реиҷаҳара шаҳуалу, – иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Аветеранцәа рымш инамаданы имҩаҧгаз аусмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.
Қырҭтәыла ахада аҭынчреи ахақәиҭреи рҵакы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, аветеранцәа зегьы реиҳа ибзианы ирдыруеит аҭынчреи ахақәиҭреи зыҧсоу.
Михаил Ҟавелашвили аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа ҳаҭырла игәалаиршәеит.
Атәыла ахада ишазгәеиҭаз ала, аветеранцәа рыдгылара – аҳәынҭқарразы зҵакы дуу зҵаароуп. Михаил Ҟавелашвили, ахмеигӡареи ааҧсара дуи азыҳәан, ақырҭуа жәлар рыхьӡала аветеранцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра алахылацәеи, Апатриархиа ахаҭарнакцәеи.