Михаил Ҟавелашвили – Апротест анапхгара азыруеит «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыреи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа реиҕьтәра иазҿлымҳам амчқәа, арҭ апроцессқәа иҧсабаратәымкәа еиҿкаауп
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Deutsche Welle аинтервиу аҿы Қырҭтәыла апарламент аҧхьа имҩаҧысуа акциақәа данрылацәажәоз ишиҳәаз ала, апротест анапхгара азыруеит «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыреи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа реиҕьтәра иазҿлымҳам амчқәа.
Атәыла ахада иҳәамҭала, апротест иалахәы агәыҧқәа аҳәаанырцәынтә аҧара роуеит, арҭ апроцессқәа иҧсабаратәымкәа еиҿкаауп.
«Арҭ ауаа, бжеиҳарала аҿар, адәныҟатәи анырра аҵаҟа иҟоуп, арҭ ауаа ржьоит. Ҳара афактқәа рышьаҭала ҳцәажәоит. Апротест анапхгара азыруеит «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыреи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа реиҕьтәра иазҿлымҳам амчқәа. Апроцессқәа иҧсабаратәымкәа еиҿкаауп. Дара иҟарҵо ускгьы атәылауаа рмышхәыбзазара иазкым. Арҭ агәыҧқәа реиҳара аҳәаанырцәынтә аҧара роуеит», — иҳәеит Михаил Ҟавелашвили.