Михаил Ҟавелашвили  - Америкеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара гәаартыла ҳалацәажәоит, ҳинтересқәа ахьеиқәшәо ҳбароуп, ари апроцесс иалагахьеит 
Михаил Ҟавелашвили  - Америкеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара гәаартыла ҳалацәажәоит, ҳинтересқәа ахьеиқәшәо ҳбароуп, ари апроцесс иалагахьеит 

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили адырраҭара  „Имеди квира“ аҿы Қырҭтәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа дрылацәажәеит.

Атәыла ахада ишиҳәаз ала, Америка уажәтәи администрациа ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, дара аамҭа рҭахуп,  ари азҵаара аус адырулоит, уи хымҧада иазыхынҳәуеит.

„Ҳара ари атема иаартны ҳалацәажәоит  – Америкеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара гәаартыла ҳалацәажәоит. ЕАР аҿы визитла саныҟаз, срацәажәаратәы алшара сыман, убасҟангьы абри ауп исарҳәаз   – уажәтәи администрациа ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, аамҭа рҭахуп,  ари азҵаара аус адырулоит, уи хымҧада иазыхынҳәуеит. Милан саныҟазгьы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубиои авице-ахада Џьеи ди Венси срацәажәеит, даргьы уи ауп ирҳәо.

Ҳара ари апроцесс ҳазыхиоуп. Америкеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара гәаартыла ҳалацәажәоит, ҳинтересқәа ахьеиқәшәо ҳбароуп, ари апроцесс иалагахьеит“, – иҳәеит Қырҭтәыла ахада.