Михаил Ҟавелашвили  - Аиашаз, алхра аҟаҵара мариахеит, ганкахьала – аҭынчреи, аҿиареи, аҭышәынтәалареи, егьи аганхьала – аиҿагылареи аполиаризациеи
Михаил Ҟавелашвили  - Аиашаз, алхра аҟаҵара мариахеит, ганкахьала – аҭынчреи, аҿиареи, аҭышәынтәалареи, егьи аганхьала – аиҿагылареи аполиаризациеи

Аиашаз, алхра аҟаҵара мариахеит, ганкахьала – аҭынчреи, аҿиареи, аҭышәынтәалареи, егьи аганхьала – аиҿагылареи аполиаризациеи, – иҳәеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили абжьыҭира ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.

Ҟавелашвили иҳәамҭала, уажәтәи алабҿабара ҳтәыла иаҳа аҭышәынтәалареи,  аҭынчреи,  аҿиареи азаанагар алшоит.

Қырҭтәыла ахада иахьа абжьыҭира зҽалазырхәо атәылауаа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

„Раҧхьа иргыланы,  стәылауаҩратә ҭакҧхықәра аасырҧшит. Аиашаз,  алхра аҟаҵара мариахеит, ганкахьала – аҭынчреи, аҿиареи, аҭышәынтәалареи, егьи аганхьала – аиҿагылареи аполиаризациеи. Агәра ганы сыҟоуп ҳуааҧсыра алхра аҟаҵара шырцәыуадаҩымхо.  Иахьа абжьыҭира зҽалазырхәо ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Еиҭасҳәар сҭахуп, алхра аҟаҵара мариоуп. Уажәтәи алабҿабара ҳтәыла иаҳа аҭышәынтәалареи,  аҭынчреи,  аҿиареи азаанагар алшоит“, – иҳәеит Ҟавелашвили.