Михаил Ҟавелашвили - 2026 шықәса ҳаҧылоит ҳаҧсадгьылахь ҳәаа змам абзиабарала, ҳтәылауаа зегьы агәабзиареи, мышхәыбзазареи, анасиҧи, иаку, ииашоу Қырҭтәыла ҕәҕәеи рзеиҕьасшьоит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили атәыла ауааҧсыра Ашықәс Ҿыц рыдиныҳәалеит.
Атәыла ахада ишиҳәаз ала, 2025 шықәсазы ақырҭуаа аҕәҕәара ду аадырҧшит, атәыла асуверинитети амилаҭтә интересқәеи рыхьчеит.
«2025 шықәсазы ҳажәлар аҕәҕәара ду аадырҧшит, зеиҧшҟамлац ақәыҕәҕәара рхыргеит, атәыла асуверинитети амилаҭтә интересқәеи рыхьчеит. Абри агәалаҟазаарала, ҳаҧсадгьылахь ҳәаа змам абзиабарала Ашықәс Ҿыц ҳаҧылоит.
Гәыкала, агәхьаагарала ирыдысныҳәалар сҭахуп аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, аҳәаанырцә инхо ҳаитәылауааи.
Ҷыдала ирыдысныҳәалоит Ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәамеи Қырҭтәыла Апатриархи, аконфессиақәа зегьы рхаҭарнакцәеи.
Ирыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәеи азинхьчаратә органқәеи,. дара, гәыкала, ҳтәылауааи ҳтәаҧсадгьыли ршәарҭадара рыхьчоит.
Акыр иаҧсоу аҩызцәа, ҳтәылауаа зегьы агәабзиареи, мышхәыбзазареи, анасиҧи, иаку, ииашоу Қырҭтәыла ҕәҕәеи шәзеиҕьасшьоит», — иҳәеит Қырҭтәыла ахада.