Милантәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган
Қырҭтәыла ахадеи иҧҳәыс Ҭамар Багратионии ицу ақырҭуа делегациеи Милан иаҭааит. Уаҟа дара аӡынтәи XXV Аолимпиатә хәмаррақәа раартра ацеремониа рҽаладырхәоит.
Аартра ацеремониа мҩаҧгахоит Милан иҟоу Сан-Сиро аолимпиатә стадионаҿ.
Милантәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәыла ахада Қырҭтәыла аолимпиатә аизга алахәылацәа дырҧылоит. Иара убас, Италиа ахада Серџьо Маттарелла ихьӡала имҩаҧгахо уаххьашҟа днеиуеит.
Зыӡбахәы ҳәоу Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы Қырҭтәыла ахьӡала иқәгылоит ааҩык аспортсменцәа.