Марк Клеитон - Саакашвили иакәшаны иҟоу аҭагылазаашьа Қырҭтәыла жәларбжьаратәи арепутациа иаԥырхагоуп, зегь рахь ааԥхьара ҟасҵоит ари аҭагылазаашьантә алҵшәа рыԥшаарц
Марк Клеитон - Саакашвили иакәшаны иҟоу аҭагылазаашьа Қырҭтәыла жәларбжьаратәи арепутациа иаԥырхагоуп, зегь рахь ааԥхьара ҟасҵоит ари аҭагылазаашьантә алҵшәа рыԥшаарц

Михеил Саакашвили изкны Еидҵоу Акралра апозициа аилыкка амоуп. Ҳара икылкааны ҳацклаԥшуеит игәабзиара аҭагылазаашьа зеиԥшроу, – иҳеит Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон.

Марк Клеитон иажәақәа рыла,  Саакашвили иакәшаны иҟоу аҭагылазаашьа Қырҭтәыла жәларбжьаратәи арепутациа иаԥырхагоуп.

„Қырҭтәыла аиҳабыра рҭакԥхықәра атәы иааҟәымҵӡакәа ҳҳәоит – игәабзиареи ишәарҭадареи ихылаԥштәуп. Саакашвили иакәшаны иҟоу аҭагылазаашьа Қырҭтәыла жәларбжьаратәи арепутациа иаԥырхагоуп, зегь рахь ааԥхьара ҟасҵоит ари аҭагылазаашьантә алҵшәа рыԥшаарц“, – иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.