Марк Клеитон – Аполитикаҿы амчылара иарбанзаалак афакт ҟамлароуп, аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит амч рхы иадмырхәарц
Марк Клеитон – Аполитикаҿы амчылара иарбанзаалак афакт ҟамлароуп, аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит амч рхы иадмырхәарц

 

«Аполитикаҿы амчылара иарбанзаалак афакт ҟамлароуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Марк Клеитон ажурналистцәа данрацәажәоз.

Ацҳаражәҳәаҩ иазҵааит акциа алахәылацәа рыла  ателееилахәыра  «Имеди» ажурналистцәа рацәҳареи рыпҟареи, русура аҧырхагахареи афактқәа ирызкны.

Клеитон иҳәамҭала,  иара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵоит амч рхы иадмырхәарц.

«Иацы европатәи сколлега ииҳәаз еиҭасҳәар сылшоит.  Аполитикаҿы амчылара афактқәа ҟамлароуп.  Уажәы Қырҭтәыла аҭагылазаашьа уадаҩуп,  уи еилыскаауеит.  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәанпроект иаҿагыло ауаа рацәоуп. Аха, аиҳабыра рпозициа ҕәҕәоуп. Сара акоуп исҳәар исылшо.  Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит амч рхы иадмырхәарц», — иҳәеит  Марк Клеитон.