Мамука Хазараӡе  - Аҳәынҭқарра «Альфа-гәыҧ» аҟынтә  «Борџьоми» акциақәа аахәаны, Қырҭтәыла атәылауаа ирзырҭиироуп
Мамука Хазараӡе  - Аҳәынҭқарра «Альфа-гәыҧ» аҟынтә  «Борџьоми» акциақәа аахәаны, Қырҭтәыла атәылауаа ирзырҭиироуп

Апартиа «Лело» алидер Мамука Хазараӡе игәаанагарала, «Альфа-гәыҧ» аҟынтә  «Борџьоми» акциақәа аахәатәуп, анеҩс,  Қырҭтәыла атәылауаа ирзыҭитәуп.

««Боржоми» аусура иаҟәыҵит. Абренд  «Боржоми» аҧеиҧши, аеқспорти, аусуратә ҭыҧқәеи, абиуџьет ахашәалеи ашәарҭара иҭагылоуп.

Абри зегьы асанкциақәа ззышьақәыргылоу урыстәылатәи  «Альфа-Гәыҧ» амшалоуп ишыҟалаз.

2013 шықәсазы Бадри Патаркацишвили иҭаацәареи ателееилахәыра   «Имеди» уажәтәи анапхгаҩи  «Боржоми» акциақәа ахылаҧшратә пакет  «Альфа-Гәыҧ»  азырҭиит.

Ари аҭагылазаашьа алҵразы мҩазаҵәык ауп иҟоу:

Аҳәынҭқарра «Альфа-гәыҧ» аҟынтә  «Борџьоми» акциақәа аахәаны, Қарҭтәи афондтә биржала  Қырҭтәыла атәылауаа ирзырҭиироуп», — иҩит  Мамука Хазарадзе.