Лугансктәи атәылаҿацә анапхгаҩы ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит излауа ала ирласны аевакуациахь ицарц
Лугансктәи атәылаҿацә анапхгаҩы ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит излауа ала ирласны аевакуациахь ицарц

Лугансктәи атәылаҿацә арратә администрациа аанапхгаҩы Сергеи Гаидаи  ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит излауа ала ирласны аевакуациахь ицарц.

Иара ишиҳәаз ала, ауаа излауа ала ирласны араион иалгатәуп, Урыстәыла ари арегион активла аракетақәа алажьра иалагаанӡа.

«Ауаа излауа ала ирласны арегион иалгатәуп, сара ус баша акәӡам ари зызҳәо. Аҭагылазаашьа уадаҩуп, Урыстәыла ари арегион активла аракетақәа алажьра иалагаанӡа излауа ала ирацәаны  ауаа ралгара ҳахьӡароуп. Аҽыҵәахырҭақәа рҿы ахәыҷқәа рацәоуп. Избан? Акы еиҧшымкәа сшәыҳәоит ари азҵаара ҭакҧхықәрала шәазнеирц. Аҭак заҵәык ауп иҟоу – шәықәҵны шәцароуп», – иҳәеит Гаидаи.

Иара иажәақәа рыла есышьыжь автобусқәа иҧшны игылоуп, аха аҧшра ахьынӡарылшо идырым.