Владимир Путини Олаф Шольци ҭелла еицәажәеит
Владимир Путини Олаф Шольци ҭелла еицәажәеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин Германтәыла аканцлери Италиа аҧыза-министри украинатәи акризис иазкны драцәажәеит.

АИХ адыррақәа рыла,  Владимир Путини Олаф Шольци Сҭампыл имҩаҧгаз урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Иара убас, Мариуполь аҟынтә аҭынчуаа ревакуациа азҵаарагьы иазааҭгылеит.

Урыстәыла ахада иадминистрациа аинформациа ашьаҭала АИХ ишаарыцҳаз ала, Путин Шольц идидырит агаз ахә аурыс амааҭ ала аҭиразы аӡбара шидикылаз.

Иара убас, италиатәи АИХгьы аарыцҳаит атәыла аҧыза-министри Урыстәыла ахадеи сааҭк ҭелла ишеицәажәоз.