Кремль адыррақәа рыла, ажьырныҳәа 11 рзы Москва Владимир Путини, Илҳам Алиеви, Никола Ҧашиниани еиҧылоит
Кремль адыррақәа рыла, ажьырныҳәа 11 рзы Москва Владимир Путини, Илҳам Алиеви, Никола Ҧашиниани еиҧылоит

Кремль адыррақәа рыла, ажьырныҳәа 11 рзы Москва Владимир Путини, Илҳам Алиеви, Никола Ҧашиниани еиҧылоит. Аинформациа ишану ала, 3ганктәи аиҿцәажәарақәа раан аганқәа рхаҭарнакцәа Ашьхатә Қарабах амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра анагӡареи, иара убас, аибашьрааа амшала азарал зауз араионқәа ирықәынхо ауааҧсыра рыцхраареи, ахәаахәҭра-економикатәи атранспорттәи аимадарақәа реиҭашьақәыргылареи иалацәажәоит. Аиҧылара мҩаҧысуеит Урыстәыла ахада иинициативала.

Владимир Путин Илҳам Алиеви Никол Ҧашиниани хаз-хазгьы драцәажәоит.