Урыстәыла ахада иадминистрациа аҟынтә ишаарыцаз, уахынла Киев аԥырҩы дызмам аппаратқәа рыла Кремль аганахьала ажәылара мҩаԥнагеит
Урыстәыла ахада иадминистрациа аҟынтә ишаарыцаз, уахынла Киев аԥырҩы дызмам аппаратқәа рыла Кремль аганахьала ажәылара мҩаԥнагеит

Уахынла Киев аԥырҩы дызмам аппаратқәа рыла Кремль аганахьала ажәылара мҩаԥнагеит, – Урыстәыла ахада иадминистрациа аинформациа шьаҭас аҭаны аарыцҳаит урыстәылатәи аихқәа.

Кремль аинформациа ала, ҩдронк Кремль ахь рхы рхан, аруааи амаҵзура ҷыдақәеи урҭ рнеитрализациа рылшеит.

Урыстәыла ахада иадминистрациа аҟынтә ишаарыцҳаз, ажәылараан Владимир Путин акгьы имыхьит, иусуратә графикгьы мԥсахӡеит. Кремль аҵакрыҿ аԥырҩы дызмам аппарат акаҳараан аӡәгьы аԥхасҭа имоуит.