Ллоид Остин - Урыстәыла Украина аинтервенциаан иҟанаҵаз агәымбылџьбара ахаан аиҭаҟаҵара алымшар азы  имчыдатәхароуп
Ллоид Остин - Урыстәыла Украина аинтервенциаан иҟанаҵаз агәымбылџьбара ахаан аиҭаҟаҵара алымшар азы имчыдатәхароуп

Урыстәыла Украина аинтервенциаан иҟанаҵаз агәымбылџьбара ахаан аиҭаҟаҵара алымшар азы имчыдатәхароуп, –  CNN аинформациа ала ари атәы ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин Польа имҩаԥгаз апрессконфеенциа аҿы ааицҳаит.

Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Аҩны шкәакәа апрессмаӡканыҟәгаҩ Џьес Ԥсаки иҟалҵаз аҳәамҭала, Остин иҟаиҵаз аҳәамҭеи ЕАШ администрациеи рпозициақәа еиԥшуп..

„Ари аҳәамҭеи ҳгәаанагарақәеи, ахада ипозициеи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи рпозициақәеи еиԥшуп. Украина анырҵәара, асуверенитети атерриториатә акзаареи реилагара хықәкыс измоу Путин иҿагыларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит“, – илҳәеит Ԥсаки.