Лаша Жваниа - Израиль ашҟа аԥыза-министр ивизит аан азҵаарақәа рацәаӡаны ӡбахоит, раԥхьаӡа иргыланы Адәныҟатәи аусқәа рминистр визитаан аганқәа ирыбжьарҵаз зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра
Лаша Жваниа - Израиль ашҟа аԥыза-министр ивизит аан азҵаарақәа рацәаӡаны ӡбахоит, раԥхьаӡа иргыланы Адәныҟатәи аусқәа рминистр визитаан аганқәа ирыбжьарҵаз зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра

Израиль ашҟа аԥыза-министр ивизит аан азҵаарақәа рацәаӡаны ӡбахоит, раԥхьаӡа иргыланы Адәныҟатәи аусқәа рминистр визитаан аганқәа ирыбжьарҵаз зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра, уи амч аиуеит 2024 шықәсазы, – иҳәеит Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Лаша Жваниа.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, ари авизит ҩтәылак рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара амҩа ҿыц анаҭоит.

„Кыршықәса ҵуеит Қырҭтәылеи Израили зеиԥшҟамлац ала ибзиоу аизыҟазааьақәа рыбжьоижьҭеи, арҭ аизыҟазаашьақәа рыҩаӡара иаҳа-иаҳа ҳаракхоит. Израиль ашҟа аԥыза-министр ивизит аан иӡбатәу азҵаарақәа рацәаӡаны ӡбахоит, урҭ иреиуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр визитаан аганқәа ирыбжьарҵаз зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра, уи амч аиуеит 2024 шықәсазы. Ари авизит ҩтәылак рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҿиара амҩа ҿыц анаҭоит“, – иҳәеит Лаша Жваниа.