Лагодехи Сакребуло  ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩи Чиатура Сакребуло аҿы иҟоу «Ақырҭуа гәахәтәы» афракица ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩи рнапынҵақәа шьҭаҵаны, апартиа иалҵит
Лагодехи Сакребуло  ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩи Чиатура Сакребуло аҿы иҟоу «Ақырҭуа гәахәтәы» афракица ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩи рнапынҵақәа шьҭаҵаны, апартиа иалҵит

 Лагодехи Сакребуло  ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Гага Гамбашиӡе  инапынҵақәа шьҭаҵаны, апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» далҵит. Иара ари атәы иҩит Facebook идаҟьаҿы.

Иара иажәақәа рыла, ари аӡбара идикылеит апартиа дахьалаз амшала аконкреттә зҵаарақәа рзы ажәлар рацәажәара ахьилымшоз аҟынтә.

Чиатура Сакребуло аҿы иҟоу «Ақырҭуа гәахәтәы» афракица ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Ника Самхараӡегьы анапынҵақәа шьҭаҵаны, апартиа далҵит.

«Сара ибзианы еилыскаауеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» иалҵыз адепутатцәа зегьы ҳара ҳаасҭа иаҳа ирацәаны аинформациа шрымоу,  евроинтеграциеи иаҳа еиҕьу адемократиеи аиқәыршәара апроцесс аҿы арҭ ауаагьы адгылара рҭахуп. Убри аҟынтә, саргьы апартиа салҵуеит.  «Ақырҭуа гәахәтәы» уезгьы Сакребулоҿ аиҳара рымазаауеит, мамзар ус ҟасҵомызт», — иҩит  Ника Самхараӡе.