Кремль ишаанацҳаз ала,   Владимир Путин  Антониу Гутерриш хаҭала иҧылара дақәшаҳаҭхеит
Кремль ишаанацҳаз ала,   Владимир Путин  Антониу Гутерриш хаҭала иҧылара дақәшаҳаҭхеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ хада  Антониу Гутерриш хаҭала иҧылара дақәшаҳаҭхеит. Иара  Гутерриш Москва дидикылоит мшаҧы 26 рзы.

Ари аинформациа шьақәирҕәҕәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.

Мшаҧы 19 рзы  Гутерриш  ҩ-тәылак рхаҭарнакцәа аофициалтә шәҟәы рзишьҭит   Урыстәылеи Украинеи рхадацәа хаз-хазы хаҭала рҧылара аҳәарала.