Колумбиа аҧжәара ҕәҕәа амшала ҧшьҩык ҭахеит, 26ҩык аахақәа роуит
Колумбиа аҧжәара ҕәҕәа амшала ҧшьҩык ҭахеит, 26ҩык аахақәа роуит

Колумбиа аҧжәара ҕәҕәа амшала ҧшьҩык ҭахеит, 26ҩык аахақәа роуит,  урҭ рҟынтә 16ҩык зықәра наӡам роуп.  Ари атәы аанацҳаит агентра „Роитер“.

Аҳҭнықалақь Богота анхарҭаҩнаҿы аҧжәара ҟалан, ахыбра амца цралеит. Абылрацәыхьчаҩцәа сааҭқәак амца арцәара иаҿын.

Боготатәи аполициа аҧжәара зыхҟьаз мзызқәак ирылацәажәоит. Версиак ала, уаҟа аҧсабратә газ ҧжәеит. Егьи аверсиала,  аҧжәра ҟалеит афымцамҩангага амшала.