Келли Дегнан – Қырҭтәыла  урыстәылатәи арепрессиақәа ирцәыбнало ауааҧсыра рыдкылара нанагӡароуп
Келли Дегнан – Қырҭтәыла  урыстәылатәи арепрессиақәа ирцәыбнало ауааҧсыра рыдкылара нанагӡароуп

Қырҭтәыла  урыстәылатәи арепрессиақәа ирцәыбнало ауааҧсыра рыдкылара нанагаӡароуп, – абас ахьӡуп  OC Media-еи  „Публикеи“ рҿы икьыҧхьу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан лстатиа.

Келли Дегнан ишылҩыз ала, ақырҭуаа украинаа ргәаҟра ибзианы еилыркаауеит, избанзар дара рхаҭагьы изныкымкәа уи рхыргахьеит. Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәыла украинатәи ахҵәацәа гәыкала ирыдыркылоит, агуманитартә ганахьала ирылшо ала ирыцхраауеит.

„Қырҭтәыла ауааҧсыра ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит  урыстәылатәи агрессиа изакәытә рыцҳароу иахылҵуа, уи убарҭоуп Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны иҟоу аиҟәшаратә цәаҳәақәа наҟ-нааҟ инхо ауааҧсыра рылагьы.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы  Урыстәыла анапхгара, изныкымкәа, ақырҭуа бызшәеи, арелигиеи, атрадициақәеи, ахьыҧшымреи, ахақәиҭреи ақәхра рҽазыркхьеит.

2008 шықәсазы шәҩыла ақырҭуаа Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит,  Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьыл  20 наӡына ампыҵахалара амшала шәҩыла ақырҭуаа азарал ду роуит.

Амчылара иаҿагыланы иқәҧо  амилаҭ ирыдгыло, гәыкала ирыцхраауа ауааҧсыра зегьы ҳарзыразуп.  Қырҭтәыла, ҳаҧхьаҟагьы, украинатәи аибашьреи, Урыстәылеи Беларуси арепрессиақәеи ирцәыбналар  зҭаху ауааҧсыра хыҵакырҭас ирзыҟалап  ҳәа ҳгәыҕуеит.

Қырҭтәыла аасҭа иаҳа еиҕьны урҭ ргәаҟра еилызкаауа тәылак иҟам. Ҳара ҳаидгылоуп  – акзаароуп мчыс иҟоу!“, – иануп Келли Дегнан лстатиаҿы.