Келли Дегнан – Ацҳаражәҳәарҭа кыршықәса рыҩныҵҟа Нино Ломџьариеи лгәыҧи иадгылоит, уи ҳгәы аздууп
Келли Дегнан – Ацҳаражәҳәарҭа кыршықәса рыҩныҵҟа Нино Ломџьариеи лгәыҧи иадгылоит, уи ҳгәы аздууп

«Жәлар рыхьчаҩ лусура аҵакы ду амоуп, аха, аамҭакала, иарбанызаалак адемократиа аан ари аусура аҭакҧхықәра ду ацуп», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан.

Келли Дегнан лҳәамҭала, Жәлар рыхьчаҩ атәылауаҩ цыҧхьаӡа изинқәа ихьоит, уи  еиқәыршәоуп Қырҭтәыла Аконституциала, аха, аиҳабыреи егьырҭ ауааҧсыреи Жәлар рыхьчаҩ лусушьа аныргәамҧхогьы иҟоуп.

«Жәлар рыхьчаҩ иҧхықәра хада  — ауаҩы изинқәа рыхьчараан аиаша аҳәароуп, уи афырхаҵара ду аҭахуп.  Ацҳаражәҳәарҭа кышықәса рыҩныҵҟа Нино Ломџьариеи лгәыҧи илыдгылоит, уи ҳгәы аздууп.  Лара лнапхгарала Жәлар рыхьчаҩ иофис аҿиара иаҿын,  иаҳа қәҿиарала ауаа рзинқәа рыхьчон», — илҳәеит Келли Дегнан.