Келли Дегнан – Америка ацҳаражәҳәарҭеи Вашингтони Саакашвили идҳәалоу аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭрала иацклаҧшуеит
Келли Дегнан – Америка ацҳаражәҳәарҭеи Вашингтони Саакашвили идҳәалоу аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭрала иацклаҧшуеит

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан ишылҳәаз ала, Америка ацҳаражәҳәарҭеи Вашингтони Саакашвили идҳәалоу аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭрала иацклаҧшуеит.

«Ақырҭуаа рацәа Саакашвили идҳәалоу аҭагылазаашьа рыхшыҩ азышьҭны ишацклаҧшуа здыруеит. Агәра шәсыргар сҭахуп Америка ацҳаражәҳәарагьы Вашингтонгьы абри аҭагылазаашьа рыхшыҩ азышьҭны ишацклаҧшуа», — илҳәеит  Келли Дегнан.

Иара убас, Келли Дегнан ишазгәалҭаз ала, дара алхрақәа рызҵаарагьы активла иацклаҧшуеит.

Адипломат лажәақәа рыла, аҵакы ду амоуп  абри апроцесс ҭынч амҩаҧгареи иашьашәалоу алагылазаара аиқәыршәареи.