Кахеҭи арегион иқәынхо ауааҧсыра аҭыҧаҿы акоронавирус азы атестқәа рзыҟарҵоит
Кахеҭи арегион иқәынхо ауааҧсыра аҭыҧаҿы акоронавирус азы атестқәа рзыҟарҵоит

 

Кахеҭи арегион иқәынхо ауааҧсыра аҭыҧаҿы акоронавирус азы атестқәа рзыҟарҵоит.   Ақыҭатә амбулаториақәа рҳақьымцәа експресс-тест аҟаҵаразы аиҭазыҟаҵара иахысуеит.

«Ауаа атест ҟарҵарцаз амедицинатә усбарҭашҟа  ицароуп, атранспорт рхы иадырхәароуп, уигьы авирус аҿкаара аганахьала шәарҭоуп. Кахеҭи аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩуп, аҧсҭбара аганахьала аҭагылазаашьа хәыҷык еиҕьхеит. Ашколқәа раартра ашьҭахь ачымазаҩцәа рхыҧхьаӡара ацлеит. Уажәазы Кахеҭи аус зуа  аклиникақәа зегьы иҭәуп, аҭыҧқәа ҳзымхар, ачымазаҩцәа Қарҭҟа ргара ҳақәшәоит», — илҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр кахеҭитәи афилиал анапхгаҩы Нели Хизанишвили.