Кахеҭи ажьҭаара иалагеит.
Ишаҧу еиҧш, Кахеҭи ажьҭаара апроцесс зегьы раҧхьа иалагеит Дедоҧлисҵҟаро амуниципалитетаҿ. Цәыббра 2 рзы иҟоу адыррақәа рыла, аҩытә зауадқәа 3,5 нызқь тонна ажь аус адырулахьеит.
Егьырҭ амуниципалитетқәа рҿы ажьҭаара етапла иалагоит.
Қырҭтыла аиҳабыра рыӡбарала, сынтәа, имцхәны иаанхо ажь аанахәоит аҳәынҭқарратә наплакы «Аҽаҩра ахылаҧшразы аилахәыра». Ажь ахә ршәоит уи ахаҭабзиара инақәыршәаны.
Хазхаҭалатәи аҩыҟаҵарҭақәа уаҳа асубсидиақәа роуам.