Каха Калаӡе - Закәандарала аиҳабыра аԥсахра аӡәгьы илшом, егьырҭ атәылақәа алхрақәа рҽалагалара зин ирымаӡам
Каха Калаӡе - Закәандарала аиҳабыра аԥсахра аӡәгьы илшом, егьырҭ атәылақәа алхрақәа рҽалагалара зин ирымаӡам

«Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалареи аилаҩынтра аиҿкаареи рзин аӡәгьы имаӡам», — иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе.

Калаӡе Сломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭа дазааҭгылеит. Қырҭтәыла ахада урыстәылатәи апропагандеи 2024 шықәсазы имҩаԥысран иҟоу апарламенттә алхрақәа рҽалагалара дахцәажәеит.

Калаӡе ишааицҳаз, алхрақәа ишрыхәҭоу еиԥш ииашаны мҩаԥгахоит, аилаҩынтра аиҿкаарп рзин аӡәгьы имаӡам.

«Уаанҿа ишыҟаз еиаԥш, сынтәагьы алхрақәа ишрыхәҭоу еиԥш ииашаны мҩаԥгахоит. Закәандарала аиҳабыра аԥсахра аӡәгьы илшом, егьырҭ атәылақәа алхрақәа рҽалагалара зин ирымаӡам. Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалареи аилаҩынтра аиҿкаареи рзин аӡәгьы имаӡам”, – иҳәеит қарҭ ахада.