Каха Калаӡе  - Қырҭтәыла анеҩстәи ашьаҿақәа ҟанаҵоит  раҧхьа иргыланы, ҳтәылеи ҳажәлари ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны
Каха Калаӡе  - Қырҭтәыла анеҩстәи ашьаҿақәа ҟанаҵоит  раҧхьа иргыланы, ҳтәылеи ҳажәлари ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны

«Қырҭтәыла ҳаҧхьаҟагьы ашьаҿақәа зегьы ҟанаҵоит ҳтәылеи ҳажәлари ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Каха Калаӡе ақырҭуа ахалагәаҧхаҩцәа Украинаҟа рдәықәҵара азҵаара дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, аҳәынҭқарра ашьаҿақәа зегьы ҟанаҵоит атәыла аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны.

«Қырҭтәыла ҳаҧхьаҟагьы ашьаҿақәа зегьы ҟанаҵоит ҳтәылеи ҳажәлари ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны.  Раҧхьа иргыланы, атәыла аинтересқәа ҳрызхәыцуеит. Ҳара анапхгараҿы ҳахьынӡаҟало абас ауп ишыҟало», — иҳәеит Каха Калаӡе.

Иара убас, Калаӡе,  Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭа дазааҭгылеит: «сара ари аҳәамҭа ахцәажәара сҭахым, избанзар, атәылаҿы аибашьра мҩаҧысуеит. Раҧхьа иргыланы, Украинеи аукраин жәлари аҭынчра рзеиҕьасшьоит».