Каха Каладзе – Лаҵара 26  - азеиҧш жәлартә ныҳәоуп, ажәлар реиҿаргылара аӡәгьы азин имаӡам
Каха Каладзе – Лаҵара 26  - азеиҧш жәлартә ныҳәоуп, ажәлар реиҿаргылара аӡәгьы азин имаӡам

«Аҳәынҭқарра лаҵара 26 иадҳәаланы Саломе Зурабишвилии Гедеван Ҧоҧхаӡеи излацәажәоз апровокациақәа раҧыхра алшоит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвилии аоппозициатә лидер Гедеван Ҧоҧхаӡеи иҟарҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Каха Каладзе иҳәамҭала, лаҵара 26  – азеиҧш жәлартә ныҳәоуп, ажәлар реиҿаргылара аӡәгьы азин имаӡам.

«Лабҿаба иубарҭоуп дара апровокациа еиҿыркаар шырҭаху. Ари атәылаҿы арадикализми, агентуреи, аҳәаанырцәынтә аҧара зауа ауааи ахаангьы аиааира рзыгом. Дара аҳәаанырцәтәи интересқәа ирықәныҟәоит.  Лаҵара  26 ҳалацәажәозар,  уи азеиҧш жәлартә ныҳәоуп, ажәлар реиҿаргылара аӡәгьы азин имаӡам. Ҳәарада,  аҳәынҭқарра лаҵара 26 иадҳәаланы Саломе Зурабишвилии Гедеван Ҧоҧхаӡеи излацәажәоз апровокациақәа раҧыхра алшоит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.