Каха Калаӡе  - Ҳара атәыла аҿиаразы ҳаидгылароуп, аиҿцәажәарақәа раартреи евроинтеграциа апроцесс арццакреи азы аус еицаауроуп
Каха Калаӡе  - Ҳара атәыла аҿиаразы ҳаидгылароуп, аиҿцәажәарақәа раартреи евроинтеграциа апроцесс арццакреи азы аус еицаауроуп

«Ҳара ажәала акәымкәа, изныкымкәа  ауслагьы ишьақәҳарҕәҕәеит  – «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаан ауп Қырҭтәыла евроинтеграциа ахырхарҭала зегьы реиҳа ақәҿиара зхылҵыз ашьаҿақәа аныҟанаҵаз», – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе Феисбуқ ала иҟаиҵаз авидеоааҧхьараҿы.

Кахи Калаӡе иажәақәа рыла,  «Ақырҭуа гәахәтәы» аиҳабыра,  Аконституциа  78-тәи ахәҭаҷла, атәыла евроатлантикатә интеграциа шьақәдырҕәҕәеит.

«Шьаҭак зҵам апротест ацынхәрас, европатәи аҧеиҧш аиқәыршәаразы апротест еицыҟаҳҵап. Шәааи, аиҿцәажәарақәа раартразы Евроеидгылахь ааҧхьара еицыҟаҳҵап. Дара ажәала мацара акәымкәа, ауслагьы апартниорра ҳдырбааит. Ашантаж ацынхәрас аус  — абасоуп абри азҵаара ҳшазныҟәо», — иҳәеит  Каха Калаӡе.