Каха Калаӡе  - Аҧыза-министр  Брюссель ивизитаан ҳара еилыккаа иҟаҵаз аҳәамҭақәа ҳаҳаит евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресс иазкны
Каха Калаӡе  - Аҧыза-министр  Брюссель ивизитаан ҳара еилыккаа иҟаҵаз аҳәамҭақәа ҳаҳаит евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресс иазкны

«Евроинтеграциа ахырхарҭала Қырҭтәыла имҩаҧнаго аусура ду убараҭоуп, уи ибзиаӡаны ирдыруеит», – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Каха Калаӡе аҧыза-министр  Иракли  Ҕарибашвили  Брюссель ивизит дахцәажәан, ишиҳәаз ала,  авизитаан  евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресс иазкны аҳәамҭақәа ҟаҵан.

«Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бриуссель ивизит сахцәажәар сҭахуп, ари авизит аҵакы ду амоуп.   Авизитаан  Европа Ахеилаки НАТО аофиси рҿы акрызҵазкәа аиҧыларақәа мҩаҧган. Ҳара еилыккаа иҟаҵаз аҳәамҭақәа ҳаҳаит евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресс иазкны. Евроинтеграциа ахырхарҭала Қырҭтәыла имҩаҧнаго аусура ду убараҭоуп, уи ибзиаӡаны ирдыруеит. Сара изныкымкәа исҳәахьеит, ҳара акандидат астатус ҳахәҭан, аха, 12 абжьагарақәа ҳарҭеит, урҭ хымҧада инагӡатәуп. Ари ахырхарҭала иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит“, – иҳәеит Қарҭ ахада.