Карл Ҳарцель - Адемократиатә реформақәа рымҩангага анапаҵаҩра ахаан ихьшәам
Карл Ҳарцель - Адемократиатә реформақәа рымҩангага анапаҵаҩра ахаан ихьшәам

Адемократиатә реформақәа рымҩангага анапаҵаҩра ахаан ихьшәам, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель  Шарль Мишель идокумент анапаҵаҩра иадҳәаланы.

Карл Ҳарцель иажәақәа рыла, Евроеидгыла агәаанагарала, аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ареформа анагӡара Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа ирылоуп.

“Арҭ ареформақәа Қырҭтәыла атәылауаа зегьы ахырҳагара рзаанагоит.

Евроеидгыла агәаанагарала, аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ареформа анагӡара Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа ирылоуп.

Арҭ ареформақәа рынагӡара иадгыло аганқәа зегьы рҟны аусеицура анагӡара ҳа́зыхиоуп,” – иҳәеит Карл Ҳарцель.

Иаку амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ника Мелиа Иҟаиҵаз аҳәамҭала, “Амилаҭтә ҵысра” мшаԥы 19 рзы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра (Шарль Мишель идокумент) рнапы аҵарҩуеит.

Мшаԥы 19 рзы Орбелианиаа рхан аҿы Шарль Мишель апартиақәа ирыдигалаз адокумент анапаҵаҩра мҩаҧысит.  «Иаку амилаҭтә ҵысреи» ада, егьырҭ апартиақәа зегьы адокумент рнапы аҵарҩит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь “Ақырҭуа гәахәтәы” адокумент аԥыхра иазку аҳәамҭа ҟанаҵеит.