Канада 12 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа зхыҵуа ахбыџцәа рзгьы авакцина  Pfizer ахархәара рыӡбеит
Канада 12 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа зхыҵуа ахбыџцәа рзгьы авакцина  Pfizer ахархәара рыӡбеит

Канада 12 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа зхыҵуа ахбыџцәа рзгьы авакцина  Pfizer ахархәара рыӡбеит. Ари аинформациа аланарҵәеит  «Би-би-си». Уи адунеи аҿы раҧхьатәи ҳәынҭқарроуп ахбыџцәа абри авакцина рзыҟаҵара ҟалоит ҳәа изыӡбаз.

Агәабзиарахьчара адепартамент ари аӡбара аднакылеит авакцина ахҧатәи адоза ззыҟарҵаз ахбыџцәа ирзымҩаҧгаз аклиникатә ҧышәарақәа рылҵшәақәа рышьаҭа ала. Адепартамент аихшьаала инақәыршәаны,  авакцина ахбыџцәа рзы шәарҭам. Ашәахьазы абри атәылаҿы 12 шықәса еиҳаны изхыҵуа ахбыџцәа алаҵақәа  рзыҟаҵара иалагоит.

Канада акоронавирус ҿыркаахьеит   1,2 миллионҩык ауааҧсыра.  Урҭ рҟынтә  20%  —  19 шықәса зхымҵыц роуп.