Калаӡе  Кварацхелиа изкны  - Иара дфеноменуп, адунеи иреиҕьу ахәмарҩыс дҟалар илшоит
Калаӡе  Кварацхелиа изкны  - Иара дфеноменуп, адунеи иреиҕьу ахәмарҩыс дҟалар илшоит

 Қырҭтәыла аизгеи италиатәи Милани ҧасатәи ахәмарҩы Каха Калаӡе  «Милан» — «Наполи» аматчаҿ дыҟан, ахәмарра мҩаҧысуан  «Сан-Сиро» астадионаҿ. Ачемпионцәа рлига афинал аҧшьбарак актәи ахәмарра иалагаанӡа, Калаӡе,  Prime Video аефираҿ Хвича Кварацхелиа дихцәажәеит.

«Иара дфеноменуп, қарҭтәи  «Динамо» аҿартә гәыҧ даналаз инаркны дыздыруеит. Ахәмарҩы дус дҟалар илшоит. Икариера абас ибзианы иалагоит ҳәа аӡәгьы игәы иааанагомызт, иара иҵегьы изҳаны, адунеи иреиҕьу ахәмарҩыс дҟалар илшоит», — иҳәеит Каха Калаӡе.