Хвича Кварацхелиа Ачемпионцәа рлига 2025/2026 шықәсатәи асезон иреиҕьу ашьапылампыласҩыс дазхаҵоуп #1TVSPORT
„Пари Сен-Жермен“ ақырҭуа аеҵәа Хвича Кварацхелиа Ачемпионцәа рлига 2025/2026 шықәсатәи асезон иреиҕьу ашьапылампыласҩыс дазхаҵоуп, – ари атәы иануп алига аофициалтә даҟьаҿы.
Кварацхелиа Ачемпионцәа рлига асезаон аҿы 16 хәмаррақәа дрылахәын. Иара ашҭаҿы 1141 минуҭ мҩаҧигеит, 10 мпылк ҭаишәит, 6 ассистк ҟаиҵеит.
„Акы иаламҩашьо ақырҭуа ахәмарҩы парижаа рыла инеишьҭаргыланы иҩынтәны ари атитут аиураҿы идуӡӡоу ароль наигӡеит. Иара ари атурнираҿ 10 мпылк ҭаишәит, 6 ассистк ҟаиҵеит, ихәмаршьа ссируп.
Хвича Кварацхелиа Ачемпионцәа рлига афиналаҿ парижаа риааираҿы ароль хада наигӡеит“, – иануп УЕФА аофициалтә даҟьаҿы.