Gazetta dello Sport – Кварацхелиа «Наполи» аҟны аиқәшаҳаҭра анагӡара иҭахым, избанзар,  «Барселона» аҟынтә ааҧхьара иоуит  #1TVSPORT
Gazetta dello Sport – Кварацхелиа «Наполи» аҟны аиқәшаҳаҭра анагӡара иҭахым, избанзар,  «Барселона» аҟынтә ааҧхьара иоуит  #1TVSPORT

««Наполи»  аеҵәа Хвича Кварацхелиа  ари аклуб аҟны аиқәшаҳаҭра анагӡара иҭахым, «Барселона» ари аҭагылазаашьа иацклаҧшуеит. Ақырҭуа аеҵәа асезон ахыркәшара ашьҭахь аклуб аанижьыр ҟалап», — аанацҳаит  Gazzetta dello Sport.

«Хави Ернандес  «Барселона» азыҟаҵаҩ хадас данаанрыжь ашьҭахь, «Барселона» азыҟаҵаҩ идыргалароуп аконкуренциа зылшо аилазаара.  Каталонцәа  «Наполи» авингер Хвича  Кварацхелиа даархәар рҭахуп.   «Барса» анапхгара ақырҭуа ахәмарҩы даараӡа дыргәаҧхолит.

Кварацхелиа иагент Мамука Џьуҕели аклуб ахада Аурелио Де Лауренти диҧыланы, аиқәшаҳаҭра ҿыц далацәажәароуп.  «Наполи»   Кварацхелиа шықәсыктәи иулафахәы  1,5 млн аҟынтә  4 млн евро аҟынӡа аизырҳара  иазыхиоуп,  аха, Кварацхелиа аиқәшаҳаҭра ҿыц анапаҵаҩра иҭахым, избанзар, «Барселонашҟа» аиасра аперспектива иаҳа игәаҧхоит. Каталонцәа  афинанстә проблемак рызцәырҵырр ауеит, избанзар, Кварацхелиа  «Наполи» аҟны аиқәшаҳаҭра имоуп  2027 шықәсанӡа», —  иануп  Gazetta dello Sport аҿы.