Каиа Каллас – Адемократиақәа ҕәҕәала ихьчазароуп, аиқәшаҳаҭрақәа мацара аҭынчра рзеиқәдыршәом, Қырҭтәыла уи еилнакааит  2008 шықәсазы
Каиа Каллас – Адемократиақәа ҕәҕәала ихьчазароуп, аиқәшаҳаҭрақәа мацара аҭынчра рзеиқәдыршәом, Қырҭтәыла уи еилнакааит  2008 шықәсазы

«Адемократиақәа ҕәҕәала ихьчазароуп, аиқәшаҳаҭрақәа мацара аҭынчра рзеиқәдыршәом, Қырҭтәыла уи еилнакааит  2008 шықәсазы», —  илҳәеит адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу акомиссар Каиа Каллас Копенгаген имҩаҧысуа асаммит аҿы данықәгылоз.

Каллас ишылҳәаз ала, амч агрессор дааннакылоит.

«Адемократиақәа ҕәҕәала ихьчазароуп, аиқәшаҳаҭрақәа мацара аҭынчра рзеиқәдыршәом, Қырҭтәыла уи еилнакааит  2008 шықәсазы. Украина  —  2014 шықәсазы, Ҟрым аннексиа ашьҭахь, уажәгьы  — хышықәса инагӡо урыстәылатәи агрессиа аан. Ҳара адемократиақәа ирҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиа шаанкылатәу ҳдыруеит. Аҭак заҵәык ауп иҟоуп  — амч ала. Амч агрессор дааннакылоит, аҧсыҽра  — ааҧхьара инаҭоит.

Ашәарҭадара аганахьала зыгәра угаша агарантиақәа ҟалар, Украина иҕәҕәазаауеит. Киев будапешттәи амеморандум иеиҧшу даҽа документк изаднакылом. Ашәарҭадара аиқәыршәаразы ацәажәара мацара иазхом. Убри азоуп Евроеидгыла иалоу атәылақәеи урҭ рыдгылаҩцәеи украинатәи арбџьармчқәа изрыдгыло. Украина иадҳәалоу иарбанзаалак аиқәшаҳаҭра ашәарҭадара агарантиақәа ацзароуп», — илҳәеит Каллас.

Лара лажәақәа рыла, аибашьра ахыркәшаразы Урыстәылазы ақәыҕәҕәара иаҳа иџьбаразароуп, украинатәи арбџьармчқәа иаҳа ирҕәҕәатәуп.