Џьуаншер  Бурҷулаӡе  - Ҵыҧх арекордтә алҵшәа ҳаман, жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа фба мҩаҧаагеит, сынтәа  20 раҟара жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа ҳрылахәхәоит
Џьуаншер  Бурҷулаӡе  - Ҵыҧх арекордтә алҵшәа ҳаман, жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа фба мҩаҧаагеит, сынтәа  20 раҟара жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа ҳрылахәхәоит

«Ажәлар ржьара даҽа ҽазкрак ҟалеит, арбџьармчқәа бзиа ирбоушәа, иреиҷаҳауазшәа аазырҧшыр зҭаху ауаа роуп ари акампаниа мҩаҧызго», — иҳәеит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер  Бурҷулаӡе  азыҟаҵарақәа «Ахьчаҩ-2023» рылахәызааразы Қырҭтәыла мапкра данахцәажәоз.

Аминистр ишиҳәаз ала, уажәы Қырҭтәыла   Германтәылеи Ҭырқәтәылеи имҩаҧысуа жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа ирылахәып.

«Ҵыҧх арекордтә алҵшәа ҳаман, жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа фба мҩаҧаагеит, сынтәа  20 раҟара жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа ҳрылахәхәоит. Шәара шәызлацәажәо аконкреттә хҭыс ахарџь ду ацуп,   алогистика мацара  миллионла аҧара аҭахуп.   Ҳпартниорцәагьы уи ҟаҳамҵарц  иҳабжьаргеит», — иҳәеит аминистр ателееилахәыра  «Имеди» аефираҿ.

Бурҷулаӡе ишиҳәаз ала, аконкреттә азыҟаҵарак алахәызааразы миллионла аҧара аныхра ииашам, избанзар, ари аҧарала асоциалтә зҵаарақәеи, арратә аибыҭареи, зҵакы дуу егьырҭ азҵаарақәеи рыӡбоит.