Џьуаншер Бурҷулаӡе ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Даниган дылԥылеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Даниган дылԥылеит

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Робин Даниган дылԥылеит.

Аминистр ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла адипломатиатә миссиа алагара лыдиныҳәалан, ақәҿиарақәа илзеиӷьаишьеит. Аиԥылараҿ Қырҭтәылеи Америкеи 30 шықәса ирылагӡаны ирыбжьоу Астратегиатә апартниорреи аиҩызареи, жәларбжьаратәи амиссиақәа ақырҭуа аруаа рҽалархәреи рыхцәажәеит.

Атәылахьчара аминистр ЕАШ аиҳабыреи америкатәи ажәлари адгыларазы иҭабуп ҳәа раиҳәеит .