Џьо Баиден  -  Херсонынтә  арбџьармчқәа ралгара ала лабҿаба иубарҭоуп аурыс аруаа ареалтә проблемақәа шрымоу
Џьо Баиден  -  Херсонынтә  арбџьармчқәа ралгара ала лабҿаба иубарҭоуп аурыс аруаа ареалтә проблемақәа шрымоу

«Херсонынтә  арбџьармчқәа ралгара ала лабҿаба иубарҭоуп аурыс аруаа ареалтә проблемақәа шрымоу», — иҳәеит Америка ахада  Џьо Баиден.

Америка ахада ишиҳәаз ала, аӡынразы аганқәа зегьы рпозициақәа реиҭахәаҧшра рықәшәоит.

Џьо Баиден  иажәақәа рыла, Украина акомпромисс иақәшаҳаҭхо иақәшаҳаҭымхо еилкаатәуп.

«Украина иаҭаху рацәоуп.  Ҳара уи ҟаҳамҵеит. Иаҳҳәап, сара исазҵааит украинаа америкатә ҳарпланқәа рышәҭома ҳәа. Сара исҳәеит – мап, уи ҳгәы иҭам. Ҳара урыстәылаҟны ахҧатәи адунеитә еибашьра алагара ҳгәы иҭам, аха, украинаа ахыхьчаразы ирҭаху арационалтә алшарақәа рзеиқәыршәара ҳгәы иҭоума? Ааи», — иҳәеит Џьо Баиден.