Џьо Баиден иҳәамҭала, европатәи итурне адунеитә демократиақәа ракзаара арҕәҕәар ауп изызку
Џьо Баиден иҳәамҭала, европатәи итурне адунеитә демократиақәа ракзаара арҕәҕәар ауп изызку

Џьо Баиден иҳәамҭала, Урыстәылаҟны иҭышәынтәалоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара дазҿлымҳауп, аха европатәи ашәарҭадара иаҧырхагоу Урыстәыла ахымҩаҧгашьа иахәҭоу аҭак аҭара дазыхиоуп. Ари атәыла иануп «Вашингтон пост» аҿы икьыҧхьу Баиден ишәҟәы аҟны.

Астатиаҿы,  Америка ахада,   иааиуа амчыбжьа азы Европа имҩаҧигараны иҟоу ивизити Путин иҟны аиҧылареи раан дызлацәажәараны иҟоу азҵаарақәа дырзааҭгылеит.

Америка ахада ишиҩыз ала, Европа ашәарҭадара ахьчара амзызла,  Урыстәылантә иаауа ашәарҭарақәа рықәҿыҭра дазыхиоуп.  Баиден ишазгәеиҭаз ала, Путин диҧылоит Америка адгылаҩцәа рҟны аиҿцәажәарақәа анымҩаҧигалак ашьҭахь.

Џьо Баиден иҳәамҭала, европатәи итурне адунеитә демократиақәа ракзаара арҕәҕәар ауп изызку.

Америка ахадас даналырх ашьҭахь,  Баиден,  раҧхьатәи аҳәаанырцәтәи авизит ала Европа даҭаауеит,  ивизит иалагоит рашәара  10 рзы.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Баиден,  Британиа Ду имҩаҧысуа  G7 асаммити НАТО алидерцәа рсаммити ихы алаирхәоит,  анеҩс,  рашәара  16 рзы,  Женева,  Урыстәыла ахада диҧылоит.