Израиль ахада аԥыза-министр иахь ааԥҳьара ҟаиҵеит аӡбарҭа ареформа иазкә апроцесс зыԥшра ҟамҵакәа ааникыларц
Израиль ахада аԥыза-министр иахь ааԥҳьара ҟаиҵеит аӡбарҭа ареформа иазкә апроцесс зыԥшра ҟамҵакәа ааникыларц

Израиль ахада Исаак Ҳеруог атәыла аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу иахь ааԥҳьара ҟаиҵеит аӡбарҭа ареформа иазкә апроцесс зыԥшра ҟамҵакәа ааникыларц.

Израиль ахада иажәақәа рыла, ашәарҭадареи, аекономикеи, ауаажәлареи ашәарҭа иҭагылоуп.

“Израиль ишәыхәаԥшуеит. Ауриа жәлар зегьы ишәыхәаԥшуеит. Адунеи зегьы ишәыхәаԥшуеит. Израильтәи жәлар ракзаареи, ишәымоу аҭакԥхықәреи рзы шәара шәахь ааԥхьара ҟасҵоит азакәанԥҵаратә процесс аанышәкыларц. Ари аполитикатә моментҿам, ари алидертәи аҭакԥхықәратәи моментуп”, – иҳәеит Исаак Ҳерцог.

Амза алагамҭазы Израиль ахада аӡбарҭа ареформа иазку ажәалагала иқәиргылеит, ари ажәалагала аоппозициаа рлидерцәа ргәаԥхеит, аха анапхгаратә коалициа аднамкылеит.