Иран анапхгара рҳәамҭала, иарбанзаалак америкатә жәылара Тегерант аҟынтә аҭак аиуеит
Иран анапхгара рҳәамҭала, иарбанзаалак америкатә жәылара Тегерант аҟынтә аҭак аиуеит

Иран анапхгара рҳәамҭала, иарбанзаалак америкатә жәылара Тегерант аҟынтә аҭак аиуеит. Ирантәи апарламент аспикер  Моҳаммед-Багер Калибаф ишиҳәаз ала, Америка Иран иаахар, иранаа америкатә арбџьармчқәеи Израили  «закәанла иржәылар рылшоит».

«Ақәҿыҭра мацара ҟаҵатәуп ҳәа ҳгәы иаанагом. Ашәарҭара аобиективтә дыргақәа инрықәыршәаны ҳхы мҩаҧаагоит», — иҳәеит ирантәи апарламент аспикер.

Уаанӡа Америка ахада Дональд Трамп ишиҳәаз ала, Иран анапхгара адемонстрациақәа  реимырпра нарыгӡар, Америка иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит.