Иракли Купраӡе - Алхратә манипулиациақәеи, ақәыҕәҕәареи, амчылареи рҽацәахьчаразы иреиҕьу алшароуп активра ду аарҧшра, излауа ала ирацәаны ауааҧсыра алхрақәа рахь инеироуп
Алхратә манипулиациақәеи, ақәыҕәҕәареи, амчылареи рҽацәахьчаразы иреиҕьу алшароуп активра ду аарҧшра, излауа ала ирацәаны ауааҧсыра алхрақәа рахь инеироуп, – иҳәеит апартиақәа „Лелои“ „Гахариа Қырҭтәылазы“-и рҟынтә Қарҭ ахада иҭыҧаз акандидат Иракли Купраӡе абжьыҭира ашьҭахь.
Купраӡе иҳәамаҭала, алхыҩцәа роуп Қарҭи Қырҭтәылеи рҧеиҧш зыӡбо.
„Ҧасатәи аҭагылазаашьа шәҭахымзар, акоррупциеи аиашамреи аҟынтә аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра шәҭахызар, алхырҭақәа рахь шәнеироуп. Алхыҩцәа роуп Қарҭи Қырҭтәылеи рҧеиҧш зыӡбо. Убри азыҳәан, алхырҭақәа рахь шәнеины, ҧхьаҟатәи аҧеиҧш иалацәажәо, аконкреттә планқәа змоу, атәылауаа рыцхраара зылшо, аҕарреи аиашамреи акоррупциеи рҵыхәа ҧызҵәо акандидатцәа шәыбжьы рышәҭароуп“, – иҳәеит Купраӡе.