Иракли Купраӡе  — «Лело»  Иванишвили имчра аҧыхраҿы алагала хада ҟазҵо мчыс иҟалоит
Иракли Купраӡе  — «Лело»  Иванишвили имчра аҧыхраҿы алагала хада ҟазҵо мчыс иҟалоит

«Лело»  Иванишвили имчра аҧыхраҿы алагала хада ҟазҵо мчыс иҟалоит», — иҳәеит апартиа   «Лело — Қырҭтәыла ҕәҕәа» алахәыла  Иракли Купраӡе. 

Купраӡе иҳәамҭала, апартиа «Лело» иаднакыло астратегиатә аӡбарақәа зегьы аҳәынҭқарратә интересқәа ирышьашәалоуп.

«Ҳара еснагь иаҳҳәон амчра аҧсахразы ииашоу мҩа заҵәык шыҟоу  — алхрақәа. Иванишвили аҩныҟа ддәықәаҳҵарц азыҳәан  “Лело” ақәҧара ахархәагақәа зегьы ахы ианархәоит.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аоппозициаа рыхәҭак алхрақәа рымҩаҧгара иаҧсам ҳәа ргәы иаанагон. Аха, уажәы рпозициа рыҧсахуеит, ҳара уи ҳазыразуп, избанзар, аоппозициа астратегиатә ақәҧара иаша иазыхынҳәроуп. Ари ақәҧараҿы «Лело»  Иванишвили имчра аҧыхраҿы алагала хада ҟазҵо мчыс иҟалоит», — иҳәеит  Иракли Купраӡе.