Иракли Купраӡе - Аоппозициатә проектқәа зегыь ақәҿиарақәа рзеиҕьаҳшьоит, аха, «Лело" иазыманшәалоу акзаара мацароуп ҳзызҿлымҳау
«Аоппозициатә партиақәак ралианс иадҳәаланы ҳпозициа еилкаауп: аоппозициатә проектқәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиҕьаҳшьоит, — иҳәеит апартиа «Лело — Қырҭтәыла ҕәҕәа» алахәыла Иракли Купраӡе.
Купраӡе иажәақәа рыла, апартиа аполитхеилак аӡбарала, «Лело» аӡәы ихьыҧшымкәа аҿиара нанагӡоит.
«Аоппозициатә проектқәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиҕьаҳшьоит, аха, «Лело” иазыманшәалоу акзаара мацароуп ҳзызҿлымҳау. Сара акритика рзызур сҭахым. Ари азҵаара мариоуп, ҳстратегиатә хықәкқәеи, ҳалхыҩцәа ргәазыҳәареи иаҳа ирзааигәоу апартниорцәа ҳрышьҭоуп», – иҳәеит Иракли Купраӡе.