Иракли Кобахиӡе, Жәыргьыҭ, араса аус адуларатә наплакы даҭааит 
Иракли Кобахиӡе, Жәыргьыҭ, араса аус адуларатә наплакы даҭааит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Жәыргьыҭ, араса аус адуларатә наплакы даҭааит. Аҧыза-министр дицын аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Оҭар Шамугиа.

Зыӡбахәы ҳәоу анаплакы иалаҵан  31 766 000 лари аинвестициа, ари аиҵалыҵ аҟынтә 11 500 000 лари азинҷыдатә агрокредитуп, Ақыҭанхамҩа аҿиара агентра аицфинансыркра ахәҭа 3 481 000 лари иаҟароуп. Аилахәыра  „Аи Џьи арго“ арасаҭрақәа ирыланаҵеит  19,110,000 лари.

Араса аус адуларатә наплакы аҿы  4000 тонна араса аус адырулоит.

Анаплакаҿы еиҧҟьарада  59ҩык, асезон аан –  100ҩык аус руеит.

Зыӡбахә ҳәоу анаплакаҿы аус здыруло араса аекспортахь идәықәырҵоит. Иахьазы ари анаплакы аекспортахь идәықәнаҵахьеит  1128 тонна араса.