Иракли Кобахиӡе - Украина иарбанзаалак абџьар аҭара арратә аимак аҽалархәроуп иаанаго, ари ҳалшом
Иракли Кобахиӡе - Украина иарбанзаалак абџьар аҭара арратә аимак аҽалархәроуп иаанаго, ари ҳалшом

«Иракли Кобахиӡе – Украина иарбанзаалак абџьар аҭара арратә аимак аҽалархәроуп иаанаго, ари ҳалшом», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәыҩы Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа дахцәажәеит  – аҳәамҭа инақәыршәаны, Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ ишазгәеиҭаз ала, иара агәыҕра имоуп ақырҭуа аган рпозициа еиҭахәаҧшны, абџьари арратә техникеи рыла Украина иацхраауа аҳәынҭқаррақәа ирывагылап ҳәа.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, Украина аиҳабыра рхаҭарнакцәа абри еиԥш ааԥхьарақәа ахьыҟарҵо даара даргәамҵеит.

«Аҩбатәи афронт иазку ааԥхьаарақәа иаҟәыҵуам. Украина иарбанзаалак абџьар аҭара арратә аимак аҽалархәроуп иаанаго, ари ҳалшом. Украина аиҳабыра рхаҭарнакцәа абри еиԥш ааԥхьарақәа ахьыҟарҵо даара саргәамҵеит. Украинатәи ажәлар ҳара иаҳҩызоу ажәларуп, аха украинатәи аиҳабыра аҩызаратә тәыла апартниор мчра ищақәнаго еиԥш ихәыцу», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, иконкрету дыррақәа шьақәдырӷәӷәоит Қырҭтәылаҿ асанкциақәа реилагара аҭыԥ шамам.