Иракли Кобахиӡе, Китаи аҧыза-министр Ли Циан иааҧхьарала, Шанхаи авизит мҩаҧигоит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Китаи аҧыза-министр Ли Циан иааҧхьарала, Шанхаи авизит мҩаҧигоит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Кобахиӡе Китаи аҧыза-министр диҧылоит.
Иара убас, Иракли Кобахиӡе Китаи имҩаҧысуа Аимпорт жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа аартра ацеремониа ихы алаирхәоит, сынтәа Қырҭтәыла ари ацәыргақәҵа иалахәып аҳаҭыртә асас астатусла.
Ацәыргақәҵа рхы аладырхәоит 40 раҟара ақырҭуа еилахәырақәа.
Иракли Кобахиӡе Шанхаиҟа ддәықәлоит аделегациа иманы. Аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвилии, афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии, аинфраструктура аминистр Реваз Сохаӡеи, Амилаҭтә банк ахада Наҭиа Турнавеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.