Иракли Кобахиӡе – Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рфинансыркра аартымзаара амшала аҭышәынтәалара зыҟалом, уи ҳтәылазы ибзиаӡам
Иракли Кобахиӡе – Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рфинансыркра аартымзаара амшала аҭышәынтәалара зыҟалом, уи ҳтәылазы ибзиаӡам

Уажәы, абарҭ амчыбжьқәа рзы, усҟак идуум  ауадаҩрақәа ҳархысроуп, уи аҵакы ду амоуп ҳаҧхьаҟа, акыраамҭалатәи аперспективаҿы атәыла ҳарҭынчырц азыҳәан, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  „Имедис квира“ аинтервиу аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,  иҳәынҭқарратәым аиҿкарақәа рфинансыркра аартымзаара амшала аҭышәынтәалара зыҟалом, уи ҳтәылазы ибзиаӡам.

„Уажәтәи аҭагылазаашьа, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа раартымзаара  амшала аҭышәынтәалара зыҟалом, уи ҳтәылазы ибзиаӡам. Уажәы аҭагылазаашьа хәыҷык иҭышәынтәалам, аха, абарҭ усҟак идуум ауадаҩрақәа ҳархысроуп, анеҩс, ҳтәыла ҭынчхарц азыҳәан азинтә ашьаҭа ҕәҕәа ҳауеит.

Дара игәамҵуеит, уи еилкаауп, адонорцәагьы игәамҵуеит, аартызаара аӡәгьы иҭахым. Убри аҟынтә, абри ақәыҕәҕәара ахатә конкреттә амзызқәа амоуп, дара аартызаара ргәаҧхом, уи алагьы иубарҭаоуп ҳаҧхьаҟа абасҵәҟьа аусура нарыгӡар шырҭаху, ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом,“- иҳәеит аҧыза-министр.