Иракли Кобахиӡе Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит
Иракли Кобахиӡе Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ диԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Питер Фишери аиҳабыра радминистрациаҿы диԥылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресс иазааҭгылеит. Иазгәаҭан Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара апроцессаҿ Германтәыла Қырҭтәыла иазаанарҧшыз адгылара ҕәҕәа аҵак ду шамоу. Иракли Кобахиӡе  Қырҭтәыла европатәи апринципқәа ишрызгәыку шьақәирҕәҕәеит.

Аиԥылараҿ ишазгәаҭаз ала, хара имгакәа Қырҭтәыла аҧыза-министр Германтәыла имҩаҧигараны иҟоу авизит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәареи еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура иаҳа арҭбаареи рзы аҵакы ду амоуп .

Қырҭтәыла аҧыза-министр Питер Фишери иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, азхаҵамра аполитикеи адгыларазы.