Иракли Кобахиӡе - Азербаиџьани ҳареи ҳаиқәшаҳаҭны,   агази афымцеи римпорти ртранзити иазкны аоптималтә аӡабара ҳадаҳкылеит, Бақәа- Қарҭ-Суҧса амҩангага аусура аганахьалагьы ибзиаӡоу  аҭагылазаашьақәа ҳамоуп 
Иракли Кобахиӡе - Азербаиџьани ҳареи ҳаиқәшаҳаҭны,   агази афымцеи римпорти ртранзити иазкны аоптималтә аӡабара ҳадаҳкылеит, Бақәа- Қарҭ-Суҧса амҩангага аусура аганахьалагьы ибзиаӡоу  аҭагылазаашьақәа ҳамоуп 

Азербаиџьани ҳареи аиҿцәажәара ҳалагеит 2 ҳәынҭқарратә рыбжьара астандартә диалог аформатаҿ акәымкәа, азеиҧш интересқәа змоу аҩызцәа реиҧш ҳаицәажәон, зехьынџьара ибзиаӡоу аҭагылазаашьақәа ҳамоуп, аҩ-ганк ринтересқәа еиҟараны иазҧхьагәаҭоуп, уи агази афымцеи рекпорти ртранзити мацара акәымкәа, Бақәа-Қарҭ-Суҧса амҩангага аусурагьы иадҳәалоуп, – иҳәеит аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла, Бақәа-Қарҭ-Суҧса амҩангага аусура аанкылара амшала, аҳәынҭқарра жәабала амиллион лари ахашәала ацәыӡуан, ари амҩангага аусура аиҭалагара абзоурала, ари ахашәала аҳәынҭқарратә биуџьет иалалоит. 

„Инеизакны иаҳҳәозар, аҭаӡара аганахьала агарантиа ҕәҕәа ҳамоуп, ари агарантиа иаҳа идухеит.  Ҽакала иаҳҳәозар, ари агарантиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭаӡара азҳаит. Ишыжәдыруа еиҧш,  ахадаратә ҵакы змоу х-хырхарҭак рыла аиқәшаҳаҭрақәа ҳамоуп, урҭ ирыҵанакуеит Шаҳденизынтә агаз иазку аиқәшаҳаҭрагьы, иацҵаны аиқәшаҳаҭрақәагьы  иҟоуп.  Инеизакны иаҳҳәозар, аҭаӡара азҳаит, ҳнапы зҵааҩыз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, агарантиала иҳамаз аҭаӡара аасҭа акырӡа еиҳау  агарантиа ҳауит.

Абасоуп ари азҵаара ҳшазныҟәо, азербаиџьантәи ҳҩызцәа ираҳҳәеит, ҳара ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара астандарттә диалог аҳасабала акәымкәа, аҩызцәа реиҧш ҳашрацәажәо. Азеиҧш интересқәа ирыдҳәаланы аиҩызаратә аиҿцәажәара мҩаҧаагеит, ҳара атемақәа зегьы ирыдҳәаланы аоптималтә аӡбарақәа ҳадаҳкылеит, уи агаз аекспорти атранзити, иара убас, афымца аекспорти атранзити ирыдҳәалоуп, ари аганахьала ибзиаӡоу аҭагылазаашьақәа ҳамоуп, Бақәа-Қарҭ-Суҧса амҩангага аусура аганахьалагьы. Аҩ-ганк ринтересқәа иазҧхьагәаҭоуп.

Конкретла Бақәа-Қарҭ-Суҧса иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, ишыжәдыруа еиҧш, ари амҩангага хышықәса зынӡаскгьы аус ауамызт, убри амшала, аҳәынҭқарра жәабала амиллион лари ахашәала ацәыӡуан. Уажәшьҭа ари амҩангага аусура еиҭалагоит, уи   абзоурала, ари ахашәала аҳәынҭқарратә биуџьет иалалоит,“- иҳәеит аҧыза-министр.