Иракли Кобахиӡе Туркменистан аиҳабыра рнапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Туркменистан аиҳабыра рнапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Нокергули Атагулиев диҧылеит.
Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Туркменистани реизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟ аусеицуразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи аусеицура иаҵанакуа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа ирзааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Туркменистрани русеицура иаҳа иҭбаахеит, зыҩаӡара ҳараку авизитқәа арҭ аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара иацхраауеит.
Аиҧылара алахәылацәа атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәагьы ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра азун ақыҭанхамҩеи атуризми аусхкқәа рҿы аусеицура.
Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, арегионаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәагьы ирзааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Ааигәатә Мрагылараҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәгылара ахырхарҭала Туркменистан иҟанаҵо ашьаҿақәеи, арегион иҭышәынтәалоу аҿиаразы абри аҩыза аполитика амҩаҧгара ахымҧадареи.